Арадио

Адлеиба Абраскьыл иҳаԥы аӡынра аусуразы: сынтәа иаабеит, ҳаԥхьаҟа аус ҳур шҳалшо

Оҭаԥ ақыҭан иҟоу Абрыскьыл иҳаԥы аиҳабы Асҭамыр Адлеиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәатәи аӡынразы аԥсшьаҩцәа рыдкылара ишазыхиамыз, аха ҳаԥхьаҟазы алкаақәа шыҟарҵаз.
Sputnik
Адлеиба Абраскьыл иҳаԥы аӡынра аусуразы: сынтәа иаабеит, ҳаԥхьаҟа аус ҳур шҳалшо

"Ҳара аӡын ауаа ҳҭаар алшоит ҳәа ҳаҟамызт, ҳазыхиаӡамызт. Аӡынра ҳара ҳахь 5-3-ҩык аауан, агәыԥқәа дуқәа ҳамамызт. Аӡыргарагьы ҳамамызт "аӡын ҳахиоуп, шәааи", ҳәа, уи акәхап, аекскурсиақәа зымааизгьы. Ус машьынала иаҳзааз ыҟоуп, иара убас иҳаман амаланыҟәа иақәтәаз агәыԥгьы. Аха сынтәатәи аӡын иаҳнарбеит ҳаԥхьаҟа уажәааны аус ҳур шҳалшо, аԥсшьаҩцәа ҟалар шалшо. Ҳара ҳахь иааиуа ирымҩатәны имҩахысуа роуп, хаҭала Отаԥтәи аҳаԥы рбарц иаауа маҷуп. Аӡыргара ҳацәмаҷуп. Аҳаԥы аҩныҵҟа аӡы шьҭызхуа ҳәа уажәааны акгьы ыҟаӡам. Уаха шаанӡа ақәа иааԥмырҟьаӡакәа иаур, усҟан аус ҳзуӡом. Алашара андырцәогьы ыҟоуп. Усҟан агәыԥ аҳаԥы аҩныҵҟа иҟазар, рҭелқәа рыла алашара аркны иҭыҵуеит. Тҟәарчали ҳареи ҳаимаздо амҩа ҟаҵаны иҳамазҭгьы уаантәи арахь аԥсшьаҩцәагьы иаауа иҟалон, араантә уахь ицо. Убри ԥшь-километрак амҩа аҟаҵаразы аиҳабыра рҟынӡа ажәалагала наҳгар ҳҭахуп", - еиҭеиҳәеит Адлеиба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.