Урыстәылатәи адипломатцәа Баиден иҭоубашьҭаҵарахь инаԥхьоуп

Сынтәа, акоронавирустә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Америка ахада ҿыц иҭоубашьҭаҵара иркьаҿу авариант ала имҩаԥгахоит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Ажьырныҳәа 20 рзы Урыстәылатәи адипломатцәа Џьо Баиден иҭоубашьҭаҵара ацеремониахь инаԥхьоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аконгресс ахада иалхрақәа рҟны Баиден ииааира шьақәнырӷәӷәеит

"Алахәхара азыԥхьагәаҭоуп ацҳаражәҳәаҩ иҩаӡарала" ҳәа аанацҳауеит амаҵзура.

Сынтәа, акоронавирустә ҭагылазаашьа инадҳәаланы Америка ахада ҿыц иҭоубашьҭаҵара иркьаҿу авариант ала имҩаԥгахоит.

Америка ахада иалхра аихшьаалақәа рыла аиааира игеит Џьо Баиден. Иара 306 бжьы иоуит,  232 бжьы иоуит Дональд Трамп. Трамп арҭ алкаақәа дрықәшаҳаҭым.

Ажьырныҳәа 6 рзы Трамп Вашингтон имҩаԥысуаз идгылаҩцәа рмитинг аҿы ааԥхьара ҟаиҵеит Капитолиахь инеирц. Ааԥхьара ззыҟаҵаз  ахыбра иақәлеит уа аконгресс асессиа анымҩаԥысуаз.

Аконгресс адемократцәа Трамп аимпичмент  идҟарҵаларц рыгәҭакуп аҭагылазаашьа аиҭаршәараз ааԥхьара ахьыҟаиҵаааз азы.