Telegram активла зхы иазырхәо рхыԥхьаӡара 500 миллионҩык иреиҳахеит

Telegram – миллиардбжак ахархәаҩцәа змоу амессенџьер быжьшықәса раԥхьа иаԥҵан.Telegram – миллиардбжак ахархәаҩцәа змоу амессенџьер быжьшықәса раԥхьа иаԥҵан.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Telegram мызкы аҩнуҵҟа активла зхы иазырхәо рхыԥхьаӡара 500 миллионҩык иреиҳахеит ҳәа иҩуеит имикроблог аҿы амессенџьер ашьаҭаркҩы Павел Дуров.

Аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟа Telegram зхы иаырхәо рхыԥхьаӡара 25 миллион рыла еиҳахеит ҳәа азгәеиҭоит иара.

"Арҭ ахархәаҩцәа 38 процент Азиатәқәоуп, 27 процент Европатәқәоуп, 21 процент Латинтәи Америка иатәуп, 8 процентк MENA (Мрагылара Ааигәа, Аҩадатәи Африка) иатәуп", – иҩуеит Дуров иблог аҿы.

Уаанӡа британиатәи агазеҭ Telegraph адырра ҟанаҵахьан Telegram ЕАА аҿы аҩбатәи аҭыԥ нызкыло цҵоуп Дональд Трамп идгылаҩцәа рықәгыларақәа рышьҭахь ҳәа. Аҭыжьымҭа адыррала ари аҭыԥ аман амҽыша, Трамп Twitter аҿи Facebook аҿи иаккаунтқәа анадыркы ашьҭахь. Убас, ахаша инаркны амҽышанӡа Telegram ҭаргалеит 545 нызқьҩык. Ари ахыԥхьаӡара хынтә рыла еиҳахеит ииасыз амчыбжь аҿы аасҭа.

Ажьырныҳәамзазы WhatsApp ахархәаратә еиқәшаҳаҭра арҿыцит ахатә дыррақәа акорпорациа Facebook ишанаҭо азы апункт ацҵаны. Абри ашьҭахь иара ахархәара мап ацәнакит Ҭырқәтәыла ахада Иусбарҭа.