Twitter "Cпутник V" аккаунт аусура ааннакылеит

"Спутник V" - COVID-19 аҟынтәи адунеи аҟны раԥхьатәи ашәҟәы иҭагалоу алаҵа ауп, иара аус адулан Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 14- Sputnik. COVID-19 аҟынтәи Урыстәылатәи алаҵа "Cпутник V" аккаунт аусура ааннакылеит асоциалтә ҳа Twitter, изыхҟьаз амзызқәа ҭырҵаауеит, абри атәы рҳәеит аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд аҟны. Абас аҩуеит РИА Новости.

"Алаҵа иазкыз ажәабжьқәа, аус шауа уҳәа аинформациа зегьы Twitter аҟны иаҳкьыԥхьуан. Twitter ахархәарала ҳара AstaZeneca ирыдаагалеит еицаҳзеиԥшуа алаҵа аклиникатә ҭҵаарақәа мҩаԥаагарц", - аанацҳауеит афонд.

Аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд анапаҵаҩцәа рахь аҳәара ҟарҵеит Twitter ахь ирҩырц рдаҟьа дырхынҳәырц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: