COVID-19 ахь аколлективтә иммунитет шьақәгылар азы иаҭаху рҳәеит

Адунеи аҟны акоронавирустә инфекциа зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 90 миллионҩык рҟынӡа инаӡахьеит, 2 миллионк рҟынӡа рыԥсҭазаара иалҵхьеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 – Sputnik. COVID-19 ахь аколлективтә иммунитет шьақәгыларц азы адунеи иқәынхо ауаа рахьтә 70 процент алаҵа ҟарҵароуп иҳәеит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара европатәи аҟәша адиректор Ханс Клиугге абрифинг аан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Макьана инагӡаны агәра ганы ҳаҟам, аха аколлективтә иммунитет шьақәгыларазы 70 процент раҟара адунеи ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵатәуп. Хымԥада ари шьаҿа-шьаҿала имҩаԥысуа процессуп", - иҳәеит Клиугге.

Иара иажәақәа рыла, Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаараҿы ргәы карыжьӡом, иагьақәгәыӷуеит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан зхархәара алшо алаҵақәа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа ишацлало. Аха макьана ирықәныҟәатәуп ишьақәыргылоу аепидемиологиаҿагыларатә ԥкрақәа ҳәа иԥхьаӡоит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара ахаҭарнак.

Уаанӡа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Сумиа Сваминатан аҳәамҭа ҟалҵахьан 2021 шықәсазы аколлективтә иммунизациа аҟалара шалымшо, избанзар тәылақәак рҟны ихьчам ауаа аанханы иҟазаауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: