Роспотребнадзор иазнархеит акоронавирус "британиатәи" аштамм аилкааразы атест

70 процент рыла еиҳа иҿкуп аԥхьанатә ицәырҵыз авариант аасҭа, еиҳа ахыхьчара аҭахуп, аха убри аан уи иахҟьаны ауаа рацәаны иԥсуа, ма еиҳа иуадаҩны имҩасуа иҟоуп ҳәа азуҳәартә иҟам.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16-Sputnik. Роспотребнадзор иатәу аепидемиологиатә ҭҵаарадырратә институт иазнархеит акоронавирус "британиатәи" аштамм аилкааразы атест, иара авирус 1,5 сааҭ рыла ишьақәнырӷәӷәоит, абри атәы аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Урыстәыла иаадырԥшит акоронавирус "британиатәи" аштамм

"Атест еилнакаауеит амутациа зауз акоронавирус. Ахархәара зырҭо атехнологиақәа иалдыршоит сааҭки бжаки рыҩнуҵҟа анализ аҭак аарԥшра, егьырҭ атестқәа ракәзар аамҭа рацәа рҭахуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иазгәаҭоуп, уажәазы иаԥҵоу атест ахарахәаразы аԥышәа иахысуеит, аиԥш зеиԥшу еидкылоу ареагентқәа раԥхьатәиуп адунеиаҿы.

Ԥхынҷкәын аҽеиҩшамҭазы аҳәамҭа ҟаҵан, акоронавирус 70 процент рыла еиҳа иҿку амутациа ҿыц аарԥшуп Британиа ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: