Уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус зыдбалаз 590-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит Урыстәыла

Аепидемиа иалагазар Урыстәыла иахьаҵанакуа 3 544 623 акоронавирус хҭыс азгәаҭоуп.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 16-Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус зыдбалаз 590-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит Урыстәыла, абри атәы аанацҳауеит ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Роспотребнадзор иазнархеит акоронавирус "британиатәи" аштамм аилкааразы атест

Апандемиа аамҭазы Урыстәыла иԥсхьеит авирус иахҟьаны 65 085-ҩык, ргәы бзиахеит –  2 936 991-ҩык.

Москва рыԥсҭазаара иалҵит 79-ҩык, Санкт-Петербург-67, Подмосковие-32.

Зынӡа COVID-19 иахҟьаны Москва рыԥсҭазаара иалҵхьеит 12 401-ы.

Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа Урыстәыла 24 092 акоронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп, 85 регион рҟны. 12,9% аклиникатә ҟазшьа аадырԥшуамызт. 590-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Ргәабзиара шьақәгылеит 27 311-ҩык.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10378-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8130-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 151-ҩык.