Арадио

Ҳашыг апандемиа аамҭазы ажурналистцәа русуразы: аибашьраан еиԥш

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҿы 2020-тәи ашықәс аихшьаалақәа ҟаиҵеит, еиҭеиҳәеит апандемиа аамҭазы ажурналистцәа русура атәы.
Sputnik
Ҳашыг апандемиа аамҭазы ажурналистцәа русуразы: аибашьраан еиԥш

"Аҿкычымазара иадҳәалаз аинформациатә усура, уи аҽазыҟаҵара, уи агәҽанызаара, аҳәынҭқарратә усбраҭақәа еиҿыркаауаз аусура зегьы аинформациала еиқәыршәатәын. Ачымазара ыҟоуп ҳәа ажурналистцәа аусурахь имнеиуа, рхы хьчара мацара иашьҭамызт. Дара рнапынҵақәа зегьы нарыгӡар акәын, уи иахылҿиаауаз ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны. Ашықәс еихшьаало иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥсны ажурналистцәа аус ахьыруазаалакгьы, аибашьра ашықәсқәа рзы ишыҟаз еиԥш, аидгылара ҟаҵаны, аицхыраара ҟаҵаны, ихадароу ахықәкы- ажәлар ирдырыц ирықәнагоу, аинформациа рызнагараҿы даара аџьабаа рбеит. Акырӡа аусбараҭақәа русура аанкылан, аха зда ԥсыхәа амам ҳәа еиқәырԥхьаӡо, урҭ рхыԥхьаӡараҿы аԥхьа игыламзар, рыгәҭаны игылан Аԥсны амассатә информациатә хархәагақәа", - еиҭеиҳәеит Ҳашыг.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.