Қәыӷәӷәара дула: Европа алаҵа Pfizer шышьақәдырӷәӷәоз

Ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы Европа коронавирус аҟынтә алаҵа Pfizer-BioNTech массала ауаа рзыҟаҵара иалагеит. Раԥхьатәи апартиақәа роуит абыргцәа рыҩнқәа ирыҩноуи амедусзуҩцәеи.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Ахәшәтә хархәагақәа Европатәи рмаҵзура (ЕАЛС) алаҵа Pfizer-BioNTech ашьақәырӷәӷәараан ақәыӷәӷәарақәа азун ҳәа агәаанагара ыҟоуп ҳәа аҩуеит франциатәи аҭыжьымҭа Le Monde аҿы. Абри атәы аанацҳауеит ИноСМИ.

2020 шықәса ԥхынҷкәын 9 рзы ахәшәтә хархәагақәа Европатәи рмаҵзураҿы (ЕАЛС) иӷьычыз имаӡаз адокументқәа дарквеб аҿы ицәыргахеит. "Ле Монд" иаиуит алшара урҭ рыхәҭак рбара. Адокументқәа ҭырҵааит европатәи ажурналистцәа ркоманда.

2020 шықәсазы еиҳа илшамҭа духаз аӡбахә ҳәоуп

Апапка 20 хәҭа рыла ишьақәгылоуп. Аиҳарак зызку алаҵа Pfizer-BioNTech ашьақәырӷәӷәара адосие ауп. Адокументқәа ирылоуп 19 шәҟәы, абҵара 10-25 рыҩнуҵҟа амаҵзура еиуеиԥшым аусзуҩцәа ирзынашьҭыз. Урҭ рыхәҭак ажьырныҳәа 15 азтәи акоммиунике ишаҳәо ала, "ахакерцәа рнапы иҵырхит". Ус шакәугьы "Ле Монд" зыҿцәажәоз амаҵзура ахаҭарнакцәа рҿы рықәшаҳаҭхеит "иӡыргахаз аелектронтә шәҟәқәа ишырныԥшуа аҭыԥ змаз аимак-аиҿаки апроблемақәеи".

Аӡәырҩы адресатцәа ирзышьҭыз хә-шәҟәык иаартны иудырбоит амаҵзура анырра ӷәӷәа шаҭаз алаҵа ашьақәырӷәӷәара апроцесс арццакразы.

Абҵара 12 азтәи ашәҟәеимдараан ЕАЛС аусзуҩцәа руаӡәки агәабзиарахьчараз ЕЕ акомиссар Стелла Кириакидеси (Stella Kyriakides) уи ус шакәу аҽазныкгьы ианыԥшуеит. "Европатәи аҳәынҭқаррақәа зегьы алаҵа аамҭак ала ироуроуп" ҳәа адҵа ҟаҵо, Кириакидес иара убасгьы инаҵшьны иазгәалҭон атәылақәа амилаҭтә процедурақәа мҩаԥырымгаларц, избанзар уи алаҵа аофициалтә шьақәырӷәӷәара аргәагәоит ҳәа.

Евроеидгыла адиректива инақәыршәаны аепидемиа аҟазаараан аҳәынҭқаррақәа ирымоуп азин ЕАЛС зқәымшаҳаҭхаз ахәшәтә хархәагақәагьы рхархәара.

Абҵара 19 рзы ЕАЛС анапынҵаҳарак змоу аусуҩцәа руаӡәк Европатәи акомиссиа аселектортә еилацәажәара мҩаԥигон. Аилацәажәара акыр аибарххаратә ҟазшьа аман. Аамҭа-аамҭала иааугәамԥхартә аҟынӡагьы.

Адырҩаҽны иара абри ачынуаҩ ахәшәтә хархәагақәа Даниатәи рмаҵзурахьы ииҩуаз ашәҟәаҿы иҳәеит иара изы иаалырҟьаны ишыҟалаз Еврокомиссиа ахантәаҩы Урсула фон дер Лиаеен (Ursula von der Leyen) лҳәамҭа – "ашықәс нҵәаанӡа алаҵақәа ҩба [Pfizer-BioNTech и Moderna] рганахьала азыразра ҟалар ауп" ҳәа. Дара алаҵақәа рыҩбагьы макьаназы апроблемақәа рыманы иҟоуп, ҳәа иҳәоит ачынуаҩ.

Абарҭ "апроблемақәа" роуп 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы иӷьычыз егьырҭ адокументқәа рҿгьы излацәажәо. Аха урҭ рганахьала ԥаршеирак ҟаҵан ҳәа амаҵзура агәаанагара амам.

Ишьақәыргылоуп абҵарамзазы европатәи амаҵзура алаҵа аҿагылара хадақәа хԥа шеиҿнакааз:

  • Ҭыжьырҭақәак рганахьала аразра аҟамзаара;
  • Алаҵа акоммерциатә партиақәа рзы адыррақәа разымхара;
  • Акоммерциатә партиақәеи аклиникатә ԥышәарақәа раантәи алаҵеи рхаҭабзиаратә еивыгара.

Аҵыхәтәантәи апункт аиҳарак агәыҩбара рызцәырнагеит алаҵа ахаҭабзиара ахәшьара азҭараны иҟаз аҭҵааҩцәа.

Ииашаҵәҟьаны, аклиникатә ԥышәарақәа рҟынтәи акоммерциатә ҭыжьрахь аиасраан еиҭактәхеит аҭыжьратә процесс, азауад ҿыцқәа аԥаразоужьра рзыҟаҵатәхеит. Арҭ аиҭакрақәа зегьы ирылҵшәахеит алаҵа аилазаараҿ иҟалаз аивыгарақәа, хаҭала РНК акзаара. РНК алаҵа аилазаараҿы ихадақәоу иреиуоуп, ахыц алагалара ашьҭахь авирус аспаик-протеин цәырнагоит. Иароуп аиммунтә система "иазырҵо" ари апатоген иаразнакы адырра. Аклиникатә ԥышәараан алаҵаҿы РНК 69%-81% ыҟан, иҟан спаик-протеин аиҿкаара алнаршартә. Аҵыхәтәантәи аҭыжьымҭақәа рҿы ари арбага акыр еиҵахеит: бжьаратәла 59% рҟынӡа илеит. Иҟан 51%-52% ахьыҟазгьы.

Ицәырҵуеит азҵаара: иалшома РНК алаҟәра алаҵа хра аманы аҟаҵара, уи анаҩсгьы ашәарҭадара? РНК алаҟәра иаанарԥшуеит аилазаара ацрыҵқәа шаиуа. РНК акәзар ибжамҽамхоит. "Аҵыхәтәантәи аалыҵқәа рҿы РНК ма иауцәаны ма икьаҿцәаны иаҳԥылоит" ҳәа иҳәоит Стив Пасколо (Steve Pascolo), Циурих ауниверситеттә хәышәтәырҭа аҵарауаҩ,ҩеижәа шықәса инарзынаԥшуа РНК лаҵақәа аус рыдызуыло. ("КюрВак" (CureVac) ацшьаҭаркҩыс 2000 шықәсазы даныҟала ашьҭахь аилахәыра ааныжьны BioNTech апроектқәа ацымҩаԥигоит). Иркьаҿу РНК спаик-протеин арҿиара ацәыуадаҩхоит. Ус шакәугьы аилахәыра ЕАЛС ишьақәнарӷәӷәоит 62% змоу РНК ахыӡ арҿиоит ҳәа. "BioNTech актәи аԥышәараан аиммуннтә реакциа цәырҵит РНК микрограмм аныҟаз — иҳәоит Стив Пасколо. — Алаҵаҿы иазыԥхьагәаҭоуп 30 микрограмм".

Алаҵа "Спутник V" 95% хра аманы ахы аанарԥшит

Абри иақәшаҳаҭуп афатәқәеи ахәышәқәеи рсанитартә хылаԥшразы америкатәи Аусбарҭа.

"РНК аилазааразы азҵаара проблеманы ицәыргамызт" Аусбарҭаҿы ҳәа иҳәоит ЕАЛС ачынуаҩ абҵара 23 рзы ииҩуа аелектронтә шәҟәаҿы.

Ари адырраҭараҿы иҳәаҵәҟьоу аҭыжьра апроблемақәеи (Америка, Канада, Британиа Ду), ахаҭабзиара ахылаԥшреи иаарласӡаны алаҵа ашьақәырӷәӷәара апроцедура хьаас ишамам ауп.

Аҵыхәтәантәи аҭагылазаашьа алаҵа азин аҟаҵара акәӡам, аамҭала ахархәара азин ауп. ЕАЛС ззықәԥо аџьармыкьахь алаҵа аамҭала акылгара аԥкырақәа амоуп. Ицәырҵуеит зыда ԥсыхәа ыҟам "азеиԥш еиқәшаҳаҭра" ЕАЛСи, асанитартә хылаԥшразы Аусбарҭеи, канадатәи амаҵзуреи рыбжьара ада ԥсыхәа аҟамзаара, регионк имаҭәахәым аматериал аиура аԥырҟәҟәааразы" ҳәа аҳәоит аелектронтә шәҟәқәа рахьынтәи акы аҟны.

Абҵара 26 рзы аилахәырақәа BioNTech, Pfizer ироуит алшара ЕАЛС аҭахрақәа рҿагыларазы. Дара ражәахәынҵақәа рҿы иазгәаҭоуп еиуеиԥшым аҭыжьырҭақәа ахылаԥшра-гәаҭара ишахыжьу. Дара иара убасгьы ажәадгала ҟарҵоит РНК аҭыжьра-лагаратә етапқәа раан 60% ихагалазарц, аҵыхәтәантәи аетап аҿы 50% еиҵамхарц азы. Абри акритери ауп аиқәшаҳаҭра аан адокументқәа зегьы рҿы ирыдыркылаз. Алаҵа "Комирнати" (Comirnaty) аҭыжьыҩцәа ражәахәынҵаҿы ишьақәдырӷәӷәоит РНК аилазаара аиԥшымзаара раалыҵ хра амареи ашәарҭадареи анырра шырнамҭо. Аклиникатә ԥышәарақәа раан партиақәак ахархәара рыҭан.

Миллионки бжаки инареиҳаны COVID-19 аҟынтәи алаҵа "Спутник V" ҟарҵахьеит

Ус шакәугьы арҭ адыррақәа Европатәи амаҵзура агәра рзадмыргеит уи ус шакәу, аҵыхәтәантәи адокументқәеи здырра алшаз адырраҭарақәеи амшхәаԥштә азҵаараҟынтә "амапкра хада" ахьырзықәымгоз аҟынтә. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит ЕАЛС-и алаҵа аҭыжьыҩцәеи рыбжьара абҵара 30 азтәи ашәҟәеимдара асахьа.

"Арҭ апроблемақәа акрызҵазкуа ракәны ишьоуп, аиҳаракгьы аԥышәа аҟамзаараан. Убри азы еиҳа ирӷәӷәоу ахылаԥшратә стратегиа аҭахны иҟоуп". Аҵыхәтәантәи ажәахәынҵақәа руак аҟынтәи еилукаар алшоит аҭыжьратә процессқәа рышьклаԥшра ишышьақәдыргыло РНК акзаара 75% рҟынӡа рышьҭыхра шрылшо, аклиникатә ԥышәараантәиқәа ирҿырԥшхар шауа.

Ԥхынҷкәын 3 рзы агазеҭ "Уолл-Стрит Джорнал" (Wall Street Journal) иакьыԥхьит астатиа алаҵа Pfizer аҭыжьра апроблемақәа ирызкны.

"Алаҵа апартиақәак рҟны аалыҵ ахаҭабзиара анормақәа ирықәшәом. Ҳара уи апроблема ықәышәхит, аха аамҭа ҳзымхеит ари ашықәс азы иарбаз анашьҭрақәа рымҩаԥгаразы", - ҳәа еиҭеиҳәоит алаҵа Pfizer аус адызулоз руаӡәк.

Иҟоума ара еидҳәаларак? Аилахәыра Pfizer ахҳәааҟаҵара мап ацәнакит ЕАЛС акибержәылара мзызс иганы. Ажьырныҳәа 15 рзы BioNTech, Pfizer аҽазныкгьы аҳәамҭа ҟарҵеит анашьҭрақәа шаанкылахо аамҭала, бельгиатәи азауад аҿы иахәҭаны иҟоу аусурақәа ахьымҩаԥысуазы.

Европатәи амаҵзураҿы анаҩс ирҳәеит ари апроблема аӡбара шалшаз.

"Алаҵа ирласны ахархәарахь анашьҭра шазԥхьагәаҭоугьы Евроеидгылаҿ еснагь ииашаны еилыркаауан ахаҭабзиара астандарт ҳаракқәа рызҵаараз компромисск шазгәаҭам, абжьгарақәа зегьы шьаҭас ирымазар шакәу зыгәра угаша аҭҵаарадырратә рбагақәа алаҵа ашәарҭадареи ахәарҭареи рзыҳәа", - рҳәоит ЕАЛС аҿы. Европатәи акомиссиаҿ иара убасгьы аҭак ҟарҵеит азҵаарақәа, арҭ алацәажәарақәа амаҵзура ахьыԥшымра ахаангьы ишаԥырхагамыз азы.

Иахьанӡагьы еилкаам ари ахакертә жәылара мҩаԥызгаз. Иӷьычыз адыррақәа цәырган "Рутор" аҿы. "Ру" иаанаго "Урыстәылоуп", "тор" — аинтернет аҿы анонимтә даҟьақәа рбара алзыршо веб-браузеруп, (абраузер Tor Урыстәыла иадҳәалаӡам, аус адызулоз ЕАА Арра-мшынтә мчрақәа роуп—аред). Ари агәаанагара унаҭоит ахакер Урыстәылатәызар ҟалап ҳәа ма аурысофилтә гәаанагара змоу иакәзар ҟалап ҳәа.

Алаҵа "Спутник V" аиуразы 50 тәыла азыҳәақәа ҟарҵеит

"Асеиԥш адыррақәа рыжәлара атактика урыстәылатәи ахакерцәа рхы иадырхәахьан изныкымкәа ("Гуччифер 2.0", Guccifer 2.0), ма Адунеизегьтә антидопингтә маҵзура аус), — еиҭеиҳәоит Жан-Мишель Доан (Jean-Michel Doan), аилахәыра "Секойя" (Sekoia) аҟазауаҩ, акибершәарҭадара азҵаарақәа знапы иану.

Иахьазы иҟоу афактқәа абасеиԥш ишьақәгылоуп: алаҵа Pfizer-BioNTech ЕАЛС ибзиоуп ҳәа иаднакылоит ԥхынҷкәын 21, 2020 шықәса рзы, Британиа Ду асеиԥш аныҟанаҵа ашьҭахь хымчыбжь ааҵуаны, Еиду Аштатқәа асеиԥш аныҟарҵа ашьҭахь ҩымчыбжь ааҵуаны. Ари иаанаго Европатәи амаҵзура апроблема аӡбразы аамҭа еиҳа иаҭаххеит ауп. Ари ус шакәу аанарԥшуеит абҵара 19 азтәи амаҵзура аусзуҩцәа рышәҟәеимдара:

"Аиқәшаҳаҭра апроцесс егьа иҳарццакыргьы ма ахәдықәҵараиуразы иахәҭоу аҿҳәарақәа ҳаҽрықәҳаршәаргьы ЕАЛС еиуеиԥшым аганқәа (Еврокомиссиа, ЕЕ аҳәынҭқарра-лахәылацәа, Европарламент, АИХқәа, ауаажәларратә еилазаара) рҟынтәи акритика изавсуам", - ҳәа аҳәоит амаҵзура ачынуаҩ ишәҟәаҿы.

Иара иажәақәа рыла амаҵзура ақәгәыӷуамызт иҟоу апроблемақәа рнаҩс акибержәыларагьы апроблемақәа аҿаԥхьа иқәгылоит ҳәа.