Арадио

Адлеиԥҳа Тҟәарчал ахәышәтәырҭа COVID аҟәша аусуразы: аӡәы ииарҭа ҭацәыр, егьы дышьҭаҳҵоит

Тҟәарчал араион асанитартә епидемиологиатә станциа аҳақьым хада лыцхырааҩ Назо Адлеиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит аҿкычымазара аларҵәаразы араион аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Адлеиԥҳа Тҟәарчал ахәышәтәырҭа COVID аҟәша аусуразы: аӡәы ииарҭа ҭацәыр, егьы дышьҭаҳҵоит

"Егьы амчыбжь азы 544 -ҩык ачымазаҩцәа ҳаман, еиҭа ҩыџьа ҳзацлеит ари аамаҭа иалагӡаны, аха убри аан 13-ҩык рҽырыхәшәтәит. Ахәышәтәырҭаҿы еиҿкааны иҟоуп 15-ҩык рҭыԥ, аӡәы ииарҭа дшаалҵлакгьы, егьы дышьҭаҳҵоит. Иҟоуп ачымазаҩцәа Гәдоуҭаҟа иаҳашьҭыз, иҟоуп Аиҭар ишьҭоугьы. Амбулатортә цхыраара заҳҭогьы рацәоуп. Ахыбрақәа рҿы арзҩыдарақәа зламҩаԥаҳго амаругақәа даара имаҷны иҳамоуп, аҳәара раҳҭеит ҳаиқәдыршәарцаз, излаҟаҳҵо ҳамазар, ҳара ҳамч ҳаигӡаӡом", - ҳәа еиҭалҳәеит Адлеиԥха.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>