ВОЗ ари амчыбжь азы COVID-19 аҟынтәи арекордтә ԥсыҭбарақәа азгәанаҭеит

Адунеи аҟны акоронавирустә инфекциа иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵхьоу рхыԥхьаӡара ҩ-миллионк ирхысит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтә еиҿкаара (ВОЗ) ари амчыбжь азы COVID-19 аҟынтәи арекордтә ԥсыҭбарақәа азгәанаҭеит - 93 нызқьҩык.

Адунеи аҟны зынӡа 93 миллионҩык ауааԥсыра COVID-19 рыдбалан. Ииасыз амчыбжь азы ачымазара змоу рхыԥхьаӡара 4,7 миллионҩык рыла еиҳахеит.

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтә еиҿкаара (ВОЗ) хәажәкыра 11, 2020 шықәса рзы акоронавирустә инфекциа COVID-19 пандемиоуп ҳәа рыланаҳәеит. Џьон Хопкинс ихьӡ зху ауниверситети АИХқәеи рдыррақәа рыла ЕАА зегь раасҭа ачымазара шьҭыркаахьеит — 24,4 миллионҩык,  Индиа -  10,5 миллионҩык, Бразилиа - 8,5 миллионҩык.

Урыстәыла, Аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 3,612 миллионҩык COVID-19 рыдбалоуп, 3,002 миллионҩык ргәабзиара шьақәгылеит, 66 623 пациент рыԥсҭазаара иалҵит.

Аԥсны ажьырныҳәа 19 азтәи адыррақәа рыла 10784-ҩык чмазцәахахьеит. 152-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, 8513-ҩык ргәы бзиахеит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>