Арадио

Занҭариа: ақыҭаҿы бизнесс иҳамоу арахә роуп, акраҳҿарҵоит, ҳаиларҳәоит

Ажьырныҳәа 20 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит ашә амш. Аԥсуаа ашәхкқәа рчеиџьыка иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Арахә ааӡаҩ, Хәаԥ ақыҭан инхо Џьуби Занҭариа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ажәытәан еиԥш ахш-хырҵәлых аӡын азы иԥхьаркуеит ҳәа.
Sputnik
Занҭариа: ақыҭаҿы бизнесс иҳамоу арахә роуп, акраҳҿарҵоит, ҳаиларҳәоит

"Иахьазы ақыҭаҿы хныҟәгарҭас иҳамоу арахә- ашәахә ауп. Ииашоуп, рбара цәгьоуп, аџьабаа рацәаны иацуп, аха акыҭаҿы уанынха иулшо зегьы ҟауҵароуп. Арахә акраҳҿарҵоит, ҳныҟәыргоит, ҳаиларҳәоит, - дара роуп иахьа бизнесс иаҳамоу. Арахә аҩны ианыҟоу аԥшәмаԥҳәыс лоуп ашә-ахш аҭыԥ иқәызҵо, аха ашьха аԥҳәыс дызцаӡом. Ҳара ҩыџьан ҳаицуп, сҩызеи сареи арахә еицаҳхьоит, 100-литрак рҟынӡа иаҳхьоит шьыжьи уахеи. Ашә хаҳхуеит, еилаҳҵоит, ахаз ахаҷа алаҳхуеит. Иара убас, ахарҵәы ҵәырнаҳҵоит, аџьыкахыш иахәҭоу аҭан аӡын азы иҟаҳҵоит. Иара ашәҵаар ҳәа иашьҭоуп, аиҳабацәа ачаҩыр ҳәагьы азырҳәон. Адуцәа аҳаҭаҿы иҟарҵон, ҳара - ақьафын шкәакәа ааҵәеиԥш иӡахны иҟаҳҵоит. Асметана еиԥш ижәпаны ианыҟалалак абанкақәа рахь ииаганы, ихҩаны аӡынразы иаҳҵәахуеит", -  еиҭеиҳәеит Занҭариа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: