Гәдоуҭа ачазауад аиҳабы Лакоба алашаразы ауадаҩрақәа рзы: ҳариааироуп, уаҳа ԥсыхәа ыҟам
© Sputnik
"Ари анырра ҳнаҭоит, ҳәарада, аха аҭагылазаашьа ҳҽақәыршәаны аусура ҳаҿуп. Иҳамоуп алашара ҟазҵо, адизель ҳәа изышьҭоу. Ҳара ҳауп иахьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ача рызҭо, архәҭақәа, ҳраион аҿы иҟоу Урыстәылатәи арратә базеи ҳареи аконтракт ҳабжьоуп, урҭгьы чала еиқәҳаршәоит. Апроблемақәа ыҟоуп, аха урҭ ҳхы нақәыршәаны ҳариааиуеит. Сааҭк адизель иабылуеит 50-60 литра рҟынӡа абылтәы. Иҟоуп 10, 15, 30 нызықь рыхә ҽнак ианҭасҭәо, аха уи адагьы ԥсыхәа ыҟам", - ҳәа иҳәеит Лакоба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны иазымхар ҟалоит иззеиқәшаҳаҭханы урыстәылантәи иаауа афымцалашара