Бабич абџьар аекспорт ахылаԥшразы амаҵзурахьы диагоуп, аинрал-маиор ичын иҭоуп

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич хылаԥшра аиҭон Аԥсни Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи реинырра.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаиҩит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич арра-техникатә усеицуразы Афедералтә маҵзура адиректор ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵаразы адҵа ҳәа аанацҳауеит азинтә информациа апортал. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аполковник Бабич Михаил Виктор-иԥа арра-техникатә усеицуразы Афедералтә маҵзура адиректор ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵазааит", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.

Аимпульс ҿыц: Аслан Бжьаниа дидикылеит Михаил Бабич

Даҽа усԥҟак ала Путин Бабич аинрал-маиор ҳәа арратә чын ихиҵеит.

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ иаҳасаб ала Михаил Бабич хылаԥшра аиҭон Аԥсни Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи реинырра. Иара Аԥсныҟа дааны дыҟан 2020 шықәса нанҳәамзазы. Дырҭааны ибеит Аинвестпрограмма аобиектқәа Аҟәеи, Тҟәарчали, Афон ҿыци.

Аԥсны иҟазаараан Бабич дидикылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: