ВОЗ аҿы акоронавирус алахьынҵа иалацәажәеит

Аҭоурых аҿы иҟалахьеит аепидемиақәа акыршықәса ианықәымҵуа. Убри аан ашәарҭара аҿар ҭагылон избанзар аиҳабацәа аамҭақәак рышьҭахь аиммунитет шьҭыркаауан.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 – Sputnik. Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтә еиҿкаара (ВОЗ) агәабзиарахьчара аусхк аҟны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рыпрограмма адиректор Маикл Раиан иҳәеит апандемиа иаҿагыланы еиҭа акыршықәса ақәԥара аҭаххоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Алаҵа "Спутник V" абжьгарақәа рҿы агәҽанҵара ҿыц арбоуп

"Апрогресс амазаара шҳалҳаршазгьы COVID-19 иаҿагыланы ақәԥараҿы, аепидемиа аиааира усеиԥш ишымариам аабартә иҟоуп еиуеиԥшым аҟазшьақәа рыла", - иҳәеит иара абрифинг аҿы.

Раиан иазгәеиҭеит, иахьа адунеи зегьы аҿы COVID-19 змоу ауаа шыҟоу, авирус аанкыларагьы шыуадаҩу, убри аан иҭыжьу алаҵа апандемиа аанкыларазы ишазымхо.

Ус шакәугьы аексперт иазгәеиҭеит имҩаԥырго аусқәа зегьы башаны ишыҟам, урҭ есыҽны COVID-19 ахыԥхьаӡара шеиҵартәуа.

Раиан иара убасгьы иҳәеит, аҭоурых аҿы ишыҟалахьо аепидемиақәа акыршықәса ианықәымҵуаз аамҭақәа. Убри аан ашәарҭара аҿар ҭагылон избанзар аиҳабацәа аамҭақәак рышьҭахь аиммунитет шьҭыркаауан азы.