Мишустин акоронавирус аҟынтәи ахԥатәи алаҵа аныҭрыжьуа атәы иҳәеит

Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала аус зыдулаз COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа "Спутник V".
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалараны иҟоуп М.П. Чумаков ихьӡ зху Афедералтә ҭҵаарадырратә Центр аус зыднаулаз акоронавирус хызҽуа ахԥатәи алаҵа. Уи ахархәарахь инеираны иҟоуп иааиуа амзақәа рзы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Алаҵа "Спутник V" ҩымчыбжь рыҩныҵҟа 25 тәыла рҿы ашәҟәы иҭаргалоит

"Ари ҳҵарауаа аус здырулаз ахԥатәи лаҵоуп. Мызқәак рышьҭахь ахархәарахь инашьҭхоит. Уи иалнаршоит алаҵаҟаҵара арҭбаара, еиҳа ауаа рылаҵәара. Ус анакәха ачымазара иацәыхьчахогьы рхыԥхьаӡара еиҳахоит", - иҳәеит аԥыза-министр.

Иара иазгәеиҭеит алаҵахкқәа зегьы рҭыжьра ишацҵатәу, ԥымкрада ахәышәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рахь рынашьҭразы.

Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала аус зыдулаз COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа "Спутник V", новосибирсктәи Ацентр "Вектор" аус зыднауылаз алаҵа "ЭпиВакКорона".

М.П. Чумаков ихьӡ зху Афедералтә ҭҵаарадырратә Центр аус зыднаулаз акоронавирус хызҽуа алаҵа "цельновирионной" ҳәа иашьҭоуп. Ахархәара аҭоуп аинактивтә вирус SARS-CoV-2. Уи иаанаго аиммунтә реакциа цәырнагоит ауп.