Жәаҩа террорист аанкылан Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҳәааҿы

Апровинциа Хатаи аҿы гәыԥҩык атеррористцәа рҽазыршәон закәаншьаҭада аҭырқәа-шьамтәылатә ҳәаа иахысырц.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik. Урыстәыла ззин ыҟам атеррористтә гәыԥ "Исламское государство"* алахәылацәа жәаҩаҩык аанкылоуп Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҳәааҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Урҭ рҟынтәи хәҩык Урыстәыла иатәылауаауп, ԥшьҩык – Узбекистан, хҩык – Киргизиа", - ҳәа аанацҳауеит Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистрра.

Дара аанкылан ииасыз ашықәс ԥхынҷкәын 31 рзы апровинциа Хатаи, ақалақь Реиханлы аҿы. Урҭ  рҽазыршәон закәаншьаҭада аҭырқәа-шьамтәылатә ҳәаа иахысырц.

Иазгәаҭоуп иаанкылоу руаӡәк Интерпол абиуллитень ҟаԥшь аҿы дарбоуп.

*Урыстәыла ззин ыҟам террористтә еиҿкаароуп.