Алаҵа "Cпутник V" ҟазҵаз урыстәылаа рхыԥхьаӡара аӡбахә ҳәоуп

Адунеи аҟны раԥхьатәи ашәҟәы иҭагалоу алаҵа "Спутник V" ахьӡырҵеит. Алаҵа аус адулан Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 — Sputnik. Ҩ-миллионҩык рҟынӡа урыстәылаа акоронавирус аҟынтәи алаҵа "Спутником V" рыдыркылахьеит, аанацҳауеит РИА Новости Гамалеиа ихьӡ зху Ацентр агентә инџьенериеи апатогентә микроцәеижьқәеи рлабораториа аусзуҩ еиҳабы, абиологиатә наукақәа ркандидат Дариа Егорова лажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Мишустин акоронавирус аҟынтәи ахԥатәи алаҵа аныҭрыжьуа атәы иҳәеит

"Агуморалтә иммуннтә ҭак ала иара 98% еиҳаны хра амоуп, ахыцтә иммунитет ала 100% ирзааигәахахьеит", - еиҭалҳәеит аексперт РАН аҭҵаарадырратә хеилак онлаин-еизараҿы. Аизара мҩаԥысуан "COVID-19 акьыбачымазарақәеи" атемала,  МИА "Россия сегодня" апресс-центр аҿы.

Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа нанҳәамзазы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит. Абас ала иара адунеи аҿы ираԥхьатәиу коронавирус SARS-COV-2 иаҿагыло лаҵоуп. Алаҵа аус адулан Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала. Иара шьаҭас иамоуп ибзианы иҭҵаау ауаҩытәыҩса иаденовирустә вектор. Ԥыжәараны иамоуп ашәарҭадара, хра аманы акраамҭа аҟазаара, ахҟьаԥҟьақәа рмаҷра.