Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Цыгәба Цандрыԥшь ақыҭауаа рыбзазаашьа иазкны

Гагра араион Цандрыԥшь ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Нали Цыгәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Цыгәба Цандрыԥшь ақыҭауаа рыбзазаашьа иазкны

"Акаҭран ақәҵара аус нап аркын ашықәс ҿыц ҳҭалаанӡа. Аҳабла амҩаду хада быжь-километрак инареиҳаны ибжьоуп, уи акаҭран ықәҵан. Уи ашьҭахь амҩадуқәа ҩба ҟаҵан. Еиҭа амҩадуқәа аанхеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Гагреи ҳареи ҳаимаздо, иара ихадоу ҳәа иԥхьӡоуп. Аԥсшьаҩцәа навигаторла ианаауагьы иднарбо уи амҩоуп. Амшқәа рԥырхагамхар, уи нап адыркраны иҟоуп. Аусурақәа угәы иаахәартә анагӡара иаҿуп. Еиҭа ҳгәы иҭоуп ацхыраара лас ахьыҟоу ахыбраҿы, уа уажәы амбулаториагьы ҳамоуп ачымазараҿкы змоу рзы, иара иаҳа инарҭбааны аҟаҵара. Алашара аҭагылазаашьа уажәазы еиҳа еиӷьхеит. Адҵа ҟалеижьҭеи афермақәа ахьаҿаҳхыз рацәоуп, амҳәыр ықәыргылан иахьыҟаҳҵаз ыҟоуп, афымцацәаҳәақәа иахьҿахҵәахаз ыҟоуп, уи иаразнак афымцамч ианубаалартә иҟалеит. Уигьы угәы иамыхәарц залшом", - иҳәеит Цыгәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.