АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Украина Агәабзиарахьчара аминистр Максим Степанов аҳәамҭа ҟаиҵеит атәылаҿы аӡәгьы акоронавирустә инфекциа аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ашәҟәы ишҭеимгало. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳара иҳамоуп аполитикатә мчқәа, зреитинг ахаипи афеики рыла ишьҭызхыр зҭаху. Уи ауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ирԥырхагамзар, уазхьамԥшыр ауан. Убас, аполитикатә мчрақәа руак урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ашәҟәы аҭагалара аҭыӡшәа алырхит, иахәҭоуп рҳәеит. Иаразнак исҳәоит – урыстәылатәи алаҵа аӡәгьы ашәҟәы иҭеигалараны дыҟам", - иҳәеит Степанов абрифинг аҿы.
Иара иажәақәа рыла егьи аполитикатә мчы Украина ианаамҭоу алаҵаҟаҵара изалагом ҳәа ауаа "дыршәоит".
"Украина алаҵаҟаҵара ианаамҭо иалагоит. Ииасыз ашықәс цәыббрамзазгьы иаҳҳәахьан алаҵаҟаҵара 2021 шықәса жәабранмзазы ҳалагоит", - иҳәеит Степанов.
Уи аԥхьа Украина уаанӡатәи ахада Пиотр Порошенко ипартиа "Европейская солидарность" афракциаҟынтәи Иреиҳаӡоу Арада адепутат Ирина Герашьченко илҳәахьан афракциа адҵа ҟанаҵоит азакәаншьаҭа аҭаны урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ашәҟәы аҭагалара мап ацәкызарц ҳәа.