Арадио

Хорааԥҳа апандемиа иацу ахҟьаԥҟьақәа ицәырырго агәҭынчымра иазкны

Апандемиеи уи иацуи ахҟьаԥҟьақәеи ауааԥсыра агәҭынчымра рызцәырнагоит. Апсихолог Алиса Хорааԥҳа арадио Sputnik афир аҿы еиҭалҳәеит агәҭынчымреи ашәареи ишыриааитәу, угәы зынӡа икамҳарцаз иҟаҵатәу.
Sputnik
Хорааԥҳа апандемиа иацу ахҟьаԥҟьақәа ицәырырго агәҭынчымра иазкны

"Аҵыхәтәантәи аамҭаз ҳтәылаҿы иҟоу ахҭысқәа агәҭынчымра рыздырҵасуеит зегьы, шьоукы иаҳа иӷәӷәаны, шьоукы агәхьаа иаҳа имаҷны иаадырԥшуеит. Шьоукых агәыҭҟьараҟынӡа ианнанаго ыҟоуп. Ас еиԥш апроцесс зыдҳәалоу иҟоу аҭагылазашьа аилкаа ахьмаҷу азоуп. Аҭагылазаашьа анынҵәо, изеиԥшроу, иамоу ахҭысқәа ҳахьынӡананагои еилкааны аҵыхәанӡа иҳамаӡам. Ара аԥыжәара рго иалагоит ацәаныррақәа. Ахшыҩ, ахдырра аасҭа ацәаныррақәа аиааира рго иалагоит. Ҳемоциатә ҭагылазаашьа иаруадаҩуеит. Апандемиа аамҭазы иҟоуп ахымҩаԥгашьақәа иҳацхрааша. Иаҳгәалаҳәаршәароуп, ҳхаҿы иааго зегьы иҟалар шалшо еиԥш, иҟамларгьы шалшо. Убас ҳазнеир иаҳа еиӷьхоит. Иҳаздырӡом уаҵәы иаҳзыԥшу амш, аха уи ирцәгьаны ҳзахәаԥшраны ҳаҟоузеи, зынӡа ирмариангьы иаҭахым, аха ҳахәаԥшып ицәгьоу авариант мацара акәым, иара егьырҭгьы", - ҳәа лҳәеит Хорааԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.