Тҟәарчал араион ахадарахь адгьылҳәазара иахҟьаны анхарҭаҩны ааха шаиуз азы арзаҳал нашьҭын ажьырныҳәа 22 рзы, уи ашьҭахь аҽа ҭаацәаракгьы рырзаҳал нарышьҭит. Ишәарҭахаз аҩнқәа рҟынтәи ауаа рыуа-рҭахы рахь ицеит. Bахәҭаны иҟоу адокументқәеи афотосахьақәеи аиҳабыра рахь инашьҭуп. Иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агу-Бедиа, Бедиа.
Тҟәарчал ақалақьи араион ақыҭақәеи еимаздо амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла. Иақәхарџьын 60 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2017 - 2020 шықәсқәа рзы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Тҟәарчал араион аҟны амҩеи аҩнқәа ҩбеи ааха роуит адгьылҳәазара иахҟьаны