Аҳақьым акоронавирустә лаҵа ахҟьаԥҟьақәас иҟалар зылшо ртәы далацәажәеит

Аҳәынҭмаҵзурақәа рпортал аҿы алаҵаҟаҵараз аҽҭаҩра аформа аԥшьгоуп, аопциа Урыстәыла арегионқәа зегьы руааԥсыра рхы иадырхәар ҟалоит. Акоронавирус инфекциаҟынтә алаҵа "Спутник V" аҟаҵароуп макьана иалшоит, аха хара имгакәа аҩбатәи алаҵа "ЭпиВакКорона" аҟаҵарагьы ҟалоит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Урыстәыла атерапевт хада Оксана Драпкина акоронавирустә лаҵа ахҟьаԥҟьақәас иҟалар зылшо ртәы далацәажәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәылаа COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵаразы рыҽҭарҩыр рылшоит Аҳәынҭмаҵзурақәа рпортал аҿы

Алаҵаҟаҵара ашьҭахь аԥхьатәи амшқәа рзы аимҳәатә ҟазшьақәа ухы иадубалар ауеит ҳәа лҳәеит аҳақьым "Первый канал" аефир аҿы. Лара лажәақәа рыла ари алаҵа аныҟауҵа ашьҭахьтәи уахи-ҽни рзоуп усеиԥш ианыҟало, шәарҭара алам.

"Уи узыцәшәаша акәым. Иҟалоит аимҳәатә ҟазшьа змоу аҭагылазаашьа. Убаҩқәа еилаԥыҵәҵәо уҟалоит, аамҭакьаҿла ашоура халар ауеит, ацәа уқәҳауеит", - лҳәоит Драпкина.

Атерапевт хада иазгәалҭеит алаҵа ашьҭахь ашоура 39 иацны ианхало шыҟоу, аха ус аныҟало зынӡа имаҷӡоуп. Ашоура ахыгара аныуадаҩу парацетамол ажәра рабжьылгоит аҳақьым.

Драпкина илҳәеит иарбо аҭагылазаашьақәа раан аҳақьымцәа рахь анеира шаҭахым.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: