Анаркотикқәа рконтрабандаз атәымтәылауаҩ Шәача быжьшықәса иқәырҵеит

Ахаҵа иҽазишәон Урыстәылантәи Аԥсныҟа анаркотикқәа ралагалара. Амашьына агәаҭараан ззин ыҟамыз амаҭәашьар рбеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Шәача Адлертәи араионтә ӡбарҭаҿ анаркотикқәа рконтрабандаз атәымтәылауаҩ быжьшықәса иқәырҵеит. Абри атәы аанацҳаит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿтәи Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ахаҵа зыԥсҟы икыз аидарамҩангага машьынаҿ ирбеит ззин ыҟам 66 капсула апрегабалин. Иара убасгьы идбалан аметадон.

Ахаҵа ихарахгара мҩаԥыслоит азеиԥш режим иатәу ариашаратә колониаҿ.