Google Chrome компиутерқәак рҟны аусура иаҟәыҵуеит

Абраузер аусура иаҟәыҵуеит Windows 10 рҟынӡа зеиҭарҿыцра ауа апроцессор Celeron M змоу акомпиутерқәа рҿы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Абраузер Google Chrome аверсиа 89 аҟынӡа аҽарҿыцыр ҟалоит, 2005 шықәса еиҳабу акомпиутерқәа рҟны аусура аанкылахоит. Абри атәы аанацҳауеит Chromium аусадулаҩцәа ркоманда.

Chrome 89 аиҭарҿыцра апроцессорқәа x86, акомандақәа Supplemental Streaming SIMD Extensions 3 (SSE3) змыцхраауа рҟны аусура аанкылахоит. Аиҳарак арахь иаҵанакуа 2005 шықәсанӡа иҭыжьыз акомпиутерқәа роуп.

Аверсиа Chrome 87 инаркны зхы иазырхәо адырра рыҭахоит аусура шаанкылахо азы. Аиҭарҿыцра иаҵанакуа Windows ауп, избанзар ChromeOS, Android, Mac SSE3 змоу апроцессорқәа рҭахуп.