Урыстәыла ахада иҳәеит адунеи амаа зкыр зылшо

Владимир Путин иазиԥхьаӡоит Урыстәылатәи Афедерациа аҭҵаарадырра аусхк аҟны адунеи аҿы лидерс иҟаларазы иахәҭоу аресурсқәа зегьы амоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иазиԥхьаӡоит адунеиаҿ аԥыжәара зманы иҟало атехнологиақәеи адыррақәеи рзы аицлабраҿы иаиааиуа иоуп ҳәа иҳәеит аҵареи аҭҵаарадырреи рзы Ахеилак аилатәараҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара иаабоит адунеи аҿы адыррақәеи атехнологиақәеи рзы аглобалтә еицлабрақәа имҩаԥысуа. Еилкаауп абри аицлабраҿы аԥыжәара зауз шиакәу ԥхьаҟа ауаатәыҩса рыҿиара знапы ианыло", - ҳәа иҳәеит ахада.

Иара иазгәеиҭеит аҭҵаарадырратәии атехнологиатәии суверенитет — Урыстәыла иахьатәии уаҵәтәии азҵаара шакәу, уи азы иаҭаху аресурсқәагьы шыҟоу.

Путин аиҳабыра рнапы ианиҵеит аҭҵаарадырра-технологиатә ҿиаразы апрограмма аус адыруларц, шьаҭанкыла абиуџьет аҟынтәи аԥаразоужьра азнеишьа еиҭакны.