АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Уахык ала абиткоинахәԥса хынтә аҽеиҭанакит, аҵыхәтәантәи асааҭқәа рзы аҭоурыхтә рекорд иахысны 47 нызқь доллар инеит. Абри атәы адырбоит ахәаахәҭратә рбагақәа.
Еиҳа иалаҵәоу акриптовалиута ахәԥса 47 460 доллар ихалеит абри аусхк аганахьала еиҳау абиржа ҳәа иршьо Binance аҿы. Аизҳара 22,1 процент шьақәнаргылеит. Аԥхьанатә 45 нызқь доллар ихалеит, нас - 46 нызқь доллар ахь ицеит.
Аилахәыра Tesla адырра ҟанаҵеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы аинвестициатә политика шеиҭарҿыцыз азы.
Аилахәыра иамоуп алшара аԥарақәа альтернативтә резервтә активқәа, ацифратә активқәагьы налаҵаны, ахьыршәыгәқәа, афондқәа уҳәа рылаҵараз.
Tesla адырраҭараҿы иҳәоуп ԥхьаҟазы ишазыԥхьагәаҭоу абиткоинқәа афатә азы шәаратә форманы аҟаҵара.
РИА Новости ахҳәаала аналитикатә центр "БизнесДром" анапхгаҩы, Аҳәынҭдума ацифратә економиказы аексперттә хеилак алахәыла Арсени Поиарков иҟаиҵаз адыррала биткоин акриптоџьармыкьа ахәмарцәа маҷқәа шаднаԥхьало амаксимумқәа реиҭарҿыцрала.
"Аџьармыкьақәа рымариара иҟаҵәҟьоу аџьармыкьа анырра арҭоит, акриптоџьармыкьагьы ахәҭак аԥара аиуеит. Аинституционалцәа ирылшеит ахәмарыҩцәа хәыҷқәа радԥхьалара, уи азы ҳара иаабарҭахоит еиҭахгьы амаксимумқәа акоррекциа ҟалаанӡа", - иҳәеит Поиарков.
Биткоин ахә халеит ԥхынҷкәын аҽеиҩшамҭазы. Ԥхынҷкәын 16 рзы акриптовалиута 20 042 доллар иахысит. Ажьырныҳәа 8 рзы биткоин 41 950 доллар иҟалеит. Анаҩс иааиԥмырҟьакәа аҽаԥсахуа иалагеит.