Голикова аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла COVID-19 азы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалеит ҳәа

Урыстәыла апандемиа иаалагазар 3 983 197 коронавирус-хҭыс аарԥшуп, 3 472 091-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, 77 068–ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла COVID-19 азы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалеит ҳәа.

"Иахьа ҳара иаҳҳәар ҳалшоит атәылаҿы авирус алаҵәара лаҟәуа иалагеит, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоит ҳәа", - лҳәеит Голикова абрифинг аҿы.

Лара лажәақәа рыла атәылаҿы иазгәарҭоит COVID-19 здырбало рхыԥхьаӡара аиҵахара.

Авирусолог иҳәеит Урыстәыла акоронавирустә пандемиа анынҵәо

"Ииасыз амчыбжь азы 0,52% - 0,45% аиҵахара аҭыԥ аман. Иахьа ари арбага 0,4% аҟынӡа илеит", - лҳәеит лара.

COVID-19 алаҟәра азгәаҭоуп Урыстәыла арегионқәа 29 рҿы. Ажьырныҳәамзазы атәылаҿы аԥсыҭбарақәа 11% рыла еиҵахеит ԥхынҷкәынмзазы аасҭа ҳәа лҳәеит лара.

Аԥсны иахьатәи аамҭазы коронавирус змаз рхыԥхьаӡара 11800 инаӡеит. 10625-ҩык ргәы бзиахеит, рыԥсҭазаара иалҵит 181-ҩык.