Урыстәыла ЕАА ахь ааԥхьара ҟанаҵеит Амшынеиқәаҿ аҟазааразы аҿарԥақәа амԥшааларц

Амшын еиқәаҿы аесминецқәеи аԥшыхәратә ҳаирпланқәеи алархәны америка-ҭырқәтәылатәи аицҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуаз азы аҳәамҭа ҟанаҵеит Еиду аштатқәа афбатәи рыфлот.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik. Вашингтон иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ЕАА ахь ааԥхьара ҟанаҵеит Амшын еиқәаҿы аҟазааразы аҿарԥақәа рымԥшааларц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Америкатәи аесминец Амшын еиқәа аҵакыра иҭалеит

Ацҳаражәҳәарҭа Twitter аҿтәи аккаунт аҿы ицәырнагеит Еиду аштатқәа афбатәи рыфлот аҳәамҭа Амшын еиқәаҿы аесминецқәа ҩбеи аԥшыхәратә ҳаирпланқәа P-8A ҩбеи алархәны америка-ҭырқәтәылатәи аицҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуаз азы.

"Еиду аштатқәа афбатәи рыфлот Амшын еиқәаҿы аӷа ишьҭоуп. Иааҟәымҵӡакәа аҿарԥақәеи амзызқәеи аԥшаауеит арегион аҿы аҟазааразы", - ҳәа аҳәоит Ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿ.

"Америкатәи аруаа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит хыда абџьар арӷьеиҩра иаҟәыҵырц, Еиду аштатқәа рҵакыратә ӡқәа рҿы русқәа мҩаԥыргаларц. Амшынеиқәаҿ аҭынчреи ашәарҭарадеи атәымуаҩ иалахәра аҭахны иҟаӡам", - ҳәа азгәарҭеит Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа.

Уаанӡа НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг аҳәамҭа иухьан Амшынеиқәаҿ рыҟазаара Урыстәыла арра-мшынтә ар рырӷәӷәароуп изыхҟьо ҳәа.

Жәабран 10 рзы Украина-Ҟрымтәи аҳауатә ҵакыра НАТО ар рхы иадырхәарц ажәадгала рнаҭеит.