Арадио

Аҭоурых иагәылаҵәаху: Џьыкырԥҳа Гьаргь Сабуа изкны

Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи афондқәа реиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа арадио Sputnik арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҟны еиҭалҳәеит "Кьараз" иалаз, Нестор Лакоба изааигәаз, харада ахара зыдҵаны шықәсы рацәа иҭаркыз Гьаргь Сабуа иҭоурых.
Sputnik
Аҭоурых иагәылаҵәаху: Џьыкырԥҳа Гьаргь Сабуа изкны

Зныктәи ицәажәара аӡә даԥсан ҳәа ззырҳәоз, аҵара змаз, убасгьы ашәаҳәареи акәашареи иазҟазаз, Хәаԥ ақыҭа иалиааз, акыр шықәса аҭакра зыхганы аҩныҟа ихынҳәыз, аха ицәгьа ахьырҳәаз аҟынтә ҩаԥхьа иҭаркыз Гьаргь Сабуа иҭоурых иазкуп анаҩстәи анҵамҭа.

Шәазыӡырҩла арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" есмҽыша арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.