Арадио

Џьапуа еиҭеиҳәеит иԥсабаратәым аметод ала арахә рыжәла аизырҳаразы лшарас иҟало

Аԥсны аҳәынҭқарратә аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арахә рыжәла аиӷьтәра, аизырҳара иԥсабаратәым аметод ала атехнологиа ахархәара ахьынӡамоу, иаҭахны изыҟоу, анхацәа рхы иадырхәар шалшо атәы.
Sputnik
Џьапуа еиҭеиҳәеит иԥсабаратәым аметод ала арахә рыжәла аизырҳаразы лшарас иҟало

Жәабран 11 рзы Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр, аԥыза- министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа дидикылеит урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра иатәу Арахә рааӡара адепартамент ахада Дмитри Бутусов. Урыстәылантәи иааз асасцәа ақыҭанхамҩа аминистрра иарҭеит арахә рыжәла аиӷьтәра, аизырҳара иԥсабаратәым аметод ала иалзыршо амобилтә комплекс.

"Асовет аамҭазы ас еиԥш аусқәа мҩаԥыргон ашьамаҟа ахьырааӡоз афермақәа рҟны Гагра, Пицунда. Иара (аметод-аред) ҿыцӡам, аха уажәшьҭа азнеишьақәа рҟны маҷк аԥсахрақәа ыҟоуп. Адунеи зегьы аҟны рхы иадырхәоит, Аԥсны аибашьра еилгеижьҭеи аҳәынҭқарра аганахьала ахархәара амамызт, аха аусдкылаҩцәа рҟынтәи иаҳдыруеит уи зхы иазырхәоз дшыҟоу арахә рыжәла аиӷьтәраҟны. Акомплекс аусура ззырхо ҳәа иаартны иуҳәозар агенетикатә материал ала ажәқәа рырцәтәра ауп. Уи иацуп иаҭаху амаругақәа, насгьы арахә жәлақәа алхны иҟоуп Аԥсны ианаало. Уи иабалак ажәқәа зегьы ирнымаалар ҟалоит аматериал, иаҳа идуу алхтәуп, избанзар еиқәымшәар ҟалоит уажәшьҭан ианҿио аамҭазы. Хықәкыс иҟоу аԥхьа иргыланы ажәқәа ахш бзианы рымхра, рыжәла еиӷьхар ауаагьы ирыхәоит", -иҳәеит Џьапуа.

Аиҿцажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил шәазыӡырҩыр.