Агәабзиарахьчаратә еиҿкаараҿы ирҳәеит акоронавирус зыхҟьаз ҳәа еиҳа зыгәра рго аверсиа

Иахьазы Китаи иҟоуп Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара (ВОЗ) жәларбжьаратәи аекспертцәа ргәыԥ, COVID-19 зыхҟьаз аилкааразы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Акоронавирус аԥхьанатә Китаи аладатәи ахәҭеи Алада-Мрагыларатәи Азиеи рҿы ицәырҵит ахәлыԥҵысқәа ирхырҟьаны ҳәа азишьоит агәыԥ алахәыла, адоктор Питер Дасзак. Абри аанацҳауеит РИА Новости адоктор агазеҭ New York Times иаиҭаз аинтервиу шьаҭас иҟаҵаны.

"Еиҳа иҭҵаатәу хырхарҭаны избо авирус ахәлыԥҵысқәа ирхырҟьаны иалаҵәеит Китаи аладатәи ахәҭеи Алада-Мрагыларатәи Азиеи рҿы", - иҳәоит Дасзак аинтервиу аҿы.

Аҵарауаҩ игәаанагарала ахәлыԥҵысқәа рҟынтәи аҿкыра абнатә ԥстәқәа рфермахь инанагеит. Уа аус зуаз ма дара аԥстәқәа ишьҭыркааит. Анаҩс Ухантәи аџьармыкьахь инанагеит.

ВОЗ аҿы акоронавирус алахьынҵа иалацәажәеит

Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә аҟазауаа убри аан апациентцәа рзы адыррақәа рмоуит Китаи аконфиденциалтә политика иахҟьаны. Уи адагьы COVID-19 змаз ауаа аиҿкаара ахаҭарнакцәа рԥылара мап ацәыркит.

Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә аҟазауаа Уханҟа инеит COVID-19 ахыҵхырҭа аилкааразы. Дара уа 14-мштәи акарантин иаҵаркын, ажьырныҳәа 29 рзы акарантин хыркәшан, даргьы русура нап адыркит.

Акоронавирус адунеи аҿы ирыхьхьеит 108 миллионҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 2,4 миллионҩык.