Абиткоин ахәԥса 50 нызқь иацны ихалеит

Абиткоин ахә халеит ԥхынҷкәын аҽеиҩшамҭазы. Ԥхынҷкәын 16 рзы акриптовалиута 20 042 доллар иахысит. Ажьырныҳәа 8 рзы абиткоин 41 950 доллар иҟалеит. Анаҩс иааиԥмырҟьакәа аҽаԥсахуа иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Адунеи аҿы еиҳа ирылаҵәоу акриптовалиута– биткоин – ахәаахәҭрақәа раан 50 нызқь доллар иацны ахә халеит ахәаахәҭратә дыррақәа рыла.

Абиткоин ахәԥса 50 нызқь рҟынӡа ихалеит

Акриптовалиута алахәаахәҭырҭатә биржа Binance аҿы биткоин асааҭ  15:30 рзы ахә 5,3% ихаланы 50,1 нызқь доллар ҟалеит.

Апортал CoinMarketCap адыррақәа абиткоин 4,4% иацланы ишьақәнаргылеит 49, 98 доллар.

Жәабран 8 рзы Илон Маск иеилахәыра Tesla адырра ҟанаҵеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы миллиардки бжаки алагаланы аинвестициатә политика шеиҭарҿыцыз азы, убри ашьҭахь абиткоин ахә шьҭыҵит.

Абиткоин ахә халеит ԥхынҷкәын аҽеиҩшамҭазы. Ԥхынҷкәын 16 рзы акриптовалиута 20 042 доллар иахысит. Ажьырныҳәа 8 рзы биткоин 41 950 доллар иҟалеит. Анаҩс иааиԥмырҟьакәа аҽаԥсахуа иалагеит.