Абиткоин ахәԥса 50 нызқь рҟынӡа ихалеит

Биткоин ахә халеит ԥхынҷкәын аҽеиҩшамҭазы. Ԥхынҷкәын 16 рзы акриптовалиута 20 042 доллар иахысит. Ажьырныҳәа 8 рзы биткоин 41 950 доллар иҟалеит. Анаҩс иааиԥмырҟьакәа аҽаԥсахуа иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Адунеи аҿы еиҳа ирылаҵәоу акриптавалиута– биткоин – ахәаахәҭрақәа раан 49,7 нызқь доллар ахә халан иҟан уаанӡатәи арекорд иаԥыганы 50 нызқь рҟынӡа инеирц акгьы агым ахәаахәҭратә дыррақәа рыла.

Апортал CoinMarketCap адыррақәа асааҭ 7:22 рзы биткоин 5,43% иацланы ишьақәнаргылеит 49 605 доллар.

Жәабран 8 рзы Илон Маск иеилахәыра Tesla адырра ҟанаҵеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы миллиардки бжаки алагаланы аинвестициатә политика шеиҭарҿыцыз азы, убри ашьҭахь абиткоин ахә шьҭыҵит.

Биткоин ахә халеит ԥхынҷкәын аҽеиҩшамҭазы. Ԥхынҷкәын 16 рзы акриптовалиута 20 042 доллар иахысит. Ажьырныҳәа 8 рзы биткоин 41 950 доллар иҟалеит. Анаҩс иааиԥмырҟьакәа аҽаԥсахуа иалагеит.