Урыстәыла АШәМ Ҟрыми Ҭаҭарсҭани ИГИЛ "афинансистцәа" русурақәа ԥнакит

Иаанкыло ирымхуп аимадаратә хархәагақәа, акомпиутертә техника, аинформацианыҟәгага, рганахь ала атеррористцәа рыцхырааразы ҳәа ашьаус хацыркуп.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Урыстәыла АШәМи Росфинмониторинги Ҟрыми Ҭаҭарсҭани ИГИЛ ("Исламское государство") аԥара азеизызгоз "афинансистцәа" русурақәа ԥнакит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ ауаажәларратә еимадарақәа Рцентр.

Азинеилагаҩцәа агәыҳалалратә усура мҩаԥыргошәа аинтернет ала аԥар еизыргон аҳәаанырцә иҟоу атеррористцәа рзы. Аусҭҵаара адыррақәа рыла ари аус мҩаԥысуан 2015 -2019 шықәсқәа рзы.

Иаанкыло ирымхуп аимадаратә хархәагақәа, акомпиутертә техника, аинформацианыҟәгага.

Иаанкылоу рганахь ала атеррористцәа рыцхырааразы ҳәа ашьаус хацыркуп.