Арадио

Ҭаниа жәлар рансамбль азы: аҳәынҭқарра ҳмыцхраар, сымацара акгьы сзыҟаҵаӡом

Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩыс даҭоуп Аԥсни Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспубликеи Жәлар рартист Валери Ҭаниа. Аҟаза арадио Sputnik аефир аҿы арҿиара иадҳәалоу игәҭакқәа дырзааҭгылеит.
Sputnik
Ҭаниа жәлар рансамбль азы: аҳәынҭқарра ҳмыцхраар, сымацара акгьы сзыҟаҵаӡом

"Ансамбль иаман ажәытә программа, уи аҭыԥ иқәҵаны иҟасҵар сҭахуп, аха уи азы аколлектив харҭәаатәуп, аҿар еизганы, аҟазара злоу алԥшааны. Акәашаҩ ихьаа ибзиан издыруеит, ироуагьы шмаҷу здыруеит, аҳәынҭқарра ҳмыцхраар ари сымацара акымзарак сзыҟаҵаӡом. Азыҟаҵарҭатә ҭыԥ ҽеим, аремонт ҟаҵатәуп, уҩналаратәы иаҳзыҟарҵар, аколлектив ҳзеизгар, ауаа рхьаақәа еилкааны, аҭыԥ иқәҵаны, ҳауаажәлар ҳаргәырӷьаратәы, џьарак концерт ҳзыҟаҵозар ҳәа сгәыӷуеит. Уи аус сазхәыцуеит уахгьы-ҽынгьы. Аколлектив аӡәы сиҭахуп аӡәы- мап, саргьы ҟазшьак сымоуп, џьара хьаак исҭаргьы сҭахӡам, аколлектив иагымхо рыҽсырҭар, уидыруеи ҳауаажәлар ҳаргәырӷьаратәы џьара мҩакы ҳақәлар. Ҳара иҳамоу жәлар рашәақәа реиԥш змоу милаҭ ыҟаӡам. Иҳамоу ахәыҷы аиқәырхароуп хьаас исымоу", - еиҭеиҳәеит Ҭаниа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.