ВОЗ адырра ҟанаҵеит COVID-19 аҟынтәи амчыбжь аҩныҵҟа аԥсрақәа шеиҵахаз

Адунеи аҟны иазгәаҭоуп 109 миллион COVID-19 хҭыс, 2,4 миллион-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Акоронавирус инфекциаҟынтә иԥсыз рхыԥхьаӡара жәа-процентк еиҵахеит амчыбжь иалагӡаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Агәабзиарахьчаразы адунеитә еиҿкаара адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

ВОЗ аҿы акоронавирус алахьынҵа иалацәажәеит

Ииасыз амчыбжь азы 81 нызқь ԥсыҭбара рыӡбахә ҳәан.

ВОЗ адыррақәа рыла ицаз амчыбжь азы аҿкра зыхьыз рхыԥхьаӡара 16 процент еиҵахеит уаанӡатәи аасҭа. Иааидкыланы ичмазаҩхеит 2,7 миллион-ҩык.

Убри аан аиҿкаара агәҭынчымра аанарԥшуеит "британиатәи", "алада африкатәи", "бразилиатәи" авирус авариантқәа ралаҵәаразы.

Агәабзиарахьчаразы адунеитә еиҿкаара адыррала "британиатәи" аштамм 94 тәыла рҿа ирбахьеит, "алада африкатәи" – 46 тәыла рҿы, "бразилиатәи" —21 тәыла рҿы.