Арадио

Агрба Пицундатәи акультуратә хан азы: ҳааҟәымҵӡакәа иаҳҳәоит, аха азҵаара ӡбашьа амаиуӡеит

Пицунда акультура ԥсҭазаара зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи акультуратә хан аиҳабы Ҭеимыр Агрба.
Sputnik
Агрба Пицундатәи акультуратә хан азы: ҳааҟәымҵӡакәа иаҳҳәоит, аха азҵаара ӡбашьа амаиуӡеит

"Пицунда - акультуратә хҭысқәа рыла еснагь ибеиан, аха аҵыхәтәантәи аамҭаз еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ҳазлаҽхәо маҷхо иалагеит. Зегь раԥхьа иргылан акультуратә хан аҭагылазаашьа, уи анырра анаҭоит. 15 шықәса ҵуеит акультуратә хан абжа аус амуижьҭеи. Изыхҟьаз ҳзымдыруа амца акит, аконцертә зал акгьы узалымхуа ибылны ицеит. Ақәа кылсуа иалагеит, иԥхасҭахеит ауадақәа. Ахан аҭагылаазашьа даараӡа ицәгьоуп. Аԥсны Аинвестпрограммала акультуратә ханқәа реиҭашьақәыргылара аус анцоз, ари ахан зныкгьы асиа ианымлеит. Ҳааҟәымҵӡакәа ҳалацәажәоит акәымзар, ари азҵаара ӡбашьа амаиуӡеит. Иахьа ахәыҷқәа адәы ианҵаны апатриотизм ҳазрылааӡаӡом. Иахьынӡахәыҷу ашәаҳәашьеи акәашашашьеи дҳарбароуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Агрба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.