Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа апроект "Сахьак аҭоурых" иазкны

Ааигәа иӡыргахо асахьаҭыхҩцәа рырҿиара иадҳәалоу апроект "Сахьак аҭоурых" атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы, апроект автор Ельвира Арсалиаԥҳа.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа апроект "Сахьак аҭоурых" иазкны

"Сахьак аҭоурых" - аԥсуа сахьаҭыхҩцәа рҟазара иазку, зымҽхак ҭбаау проектуп. Амузеи аҿы, ахатәы коллекциаҟны, мамзаргьы агаллериаҟны иҵәаху хаз игоу аҟазаратә ԥҵамҭак иадҳәалоу аинтерес зцу афактқәа, иџьашьаху аҭоурыхқәа ирызку ажәабжь ауп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ашықәс аҩныҵҟа иазгәаҭоуп икьаҿу авидео ҭоурыхқәа 12 еиуеиԥшым аинформациатә хархәагақәа рҟны рцәыргара. Апроект хықәкыс иамоуп аԥсуа сахьаҭыхҩцәа раԥҵамҭақәа ауаа рацәа рыларҵәара, уи еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иӡыргахоит. "Сахьак аҭоурых" аԥсҭазараа аларҵәара аларшахоит Аҿиаразы аԥсуа уаажәларратә фонд "Амшра" адгыларала", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Апроект "Сахьак аҭоурых" иазку аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны.