Гамалеи Ицентр авирусолог акоронавирус ааԥынразы изеиԥшрахо далацәажәеит

Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаараҿы аҵыхәтәантәи хәымчыбжьа рыҩнуҵҟа акоронавирус лаҟәуа иалагеит ҳәа иршьоит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Н.Ф. Гамалеи ихьӡ зху Ацентр авирусолог, апрофессор Александр Бутенко арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит коронавирус ааԥынразы аҟазаашьа ҟалар шалшо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ааԥынра ааир, амшқәа ԥхаррахар, ауаа рсоциалтә еинырра еиҳа ианырацәахалак, ачымазцәа рхыԥхьаӡара иацлар ауеит, аха уи зыдҳәалахо ауаа рныҟәара, рынеиааироуп ҳәа иазиԥхьаӡоит апрофессор Бутенко.

Авирусолог иҳәеит Урыстәыла акоронавирустә пандемиа анынҵәо

Иара игәаанагарала, асезонтә фактор аепидемиатә процесс адинамика ианыруам.

"Атропикатә тәылақәа рҿы, аҳауа еснагь иахьыԥхарроу, асезон иадҳәалаӡам авирус аҿиара. Иаҳҳәап Бразилиеи Индиеи. Ичмазаҩу ауаҩы згәы бзиоу авирус ииҭоит еизааигәаны реинырраан, рцәажәараан, аимҳәара-аимсара аан. Сгәанала авирус асезонқәа ҳәа акгьы ԥнакуам", - ҳәа иҳәеит иара.

Авирусолог иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы ачымазара шыхҽызгьы, асанитартә нормақәа рықәныҟәара иаҟәыҵтәым.

"Акыр рыҵаркуеит афакторқәа ҩба – ачымазара ашьҭахь иԥсабаратәу аиммунитет аиуреи алаҵаҟаҵареи. Аиммунитет змоу ауаа рхыԥхьаӡара 60–70 процент инаӡар, уи ачымазара ԥызкуа факторны иҟалоит", - ҳәа иҳәоит Бутенко.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: