Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаараҿы ирҳәеит адунеи аҿы COVID-19 аҭагылазаашьа

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла жәабран 15 - 21 иалагӡаны иазгәаҭан 2 457 026 коронавирус хҭыс, 66 359-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. COVID-19 хҭыс ҿыцқәеи аԥсыҭбарақәеи еиҳа-еиҳа рхыԥхьаӡара лаҟәуеит, аха авирус аҽеиҭакра ахьаарԥшу атәылақәа рҿы ирыцлоит ҳәа аҩуеит РИА Новости Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа шьаҭас иганы.

Хәымчыбжь ирықәуп авирус змоу рхыԥхьаӡара еиҵахоижьҭеи. ВОЗ адыррақәа рыла, ииасыз амчыбжь азы 2,4 миллион-хҭыс аҭыԥ рыман, уи уаанӡатәи амчыбжь аасҭа 11% еиҵоуп.

"Аԥсыҭбарақәагьы еиҵахеит. Ииасыз амчыбжь азы иазгәаҭан 66 000 ԥсыҭбара. Уи уаанӡатәи амчыбжь азы аасҭа 20% еиҵоуп", - аҳәоит ВОЗ асаит аҿы.

Убри аан "британиатәи" аштамм 101 тәыла рҿы ирбахьеит, "аладаафрикатәи" – 51 тәыла рҿы, "бразилиатәи" – 29 тәыла рҿы.

ВОЗ Европатәи арегионалтә биуро аиҳабы Ханс Клиуге аҳәамҭа ҟаиҵеит апандемиа иааиуа ашықәс алагамҭазы ишиасуа.

Убри аан авирус шыҟац иаанхоит аха аԥкырақәа аҭаххом.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: