Ахсаалага "Мир" аҟынтәи аҳәаанырцәтә електронтә ԥараҭрақәа рхарҭәаара ааныркылоит

Агәыҩбара узҭаша аоперациақәа ирхырҟьаны аҳәаанырцәтә електронтә ԥараҭрақәа рҟынтә аоперациақәа рзин аанкылоуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аҳәаанырцәтә електронтә ԥараҭрақәа ахсаалага "Мир" аҟынтәи рхарҭәаара ҟалом мшаԥымза 27 инаркны ҳәа аҩуеит РБК атехнологиатә биуллетень адыррақәа шьаҭас иганы.

"Агәыҩбара узҭаша аоперациақәа рзы иҟоу ашәара аԥырҟәҟәаара хықәкыс иганы аҳәаанырцәтә електронтә ԥараҭрақәа рҟынтә аоперациақәа рзин аанкылахоит", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.

Амилаҭтә ԥарашәаратә хеилак анапхгара аиҳабы Алма Обаева ишылҳәо ала, аелектронтә ԥараҭрақәа рхарҭәаараз аоперациақәа раанкылара аԥарашәаратә маҵзурақәа QIWI, ЮMoney (уаанӡатәи "Яндекс.Деньги") рҭоурых иеиԥшхар ҟалоит. 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Урыстәыла АХ мап ацәнакит Урыстәылантәи Ваҳәаанырцәтә интернет-дәқьанқәа рахь аԥара аиагара.

Обаева илҳәеит аԥхьаӡамҭақәа онлаин-казино, абукмекерцәа уҳәа иртәызар шауа.

Убри аан аекспертцәа ргәаанагарала "Мир" аҟынтәи аԥараиагара аҭбаара амамызт ахсаалага атәылақәа жәпакы рҿы амаҵзура ахьамамыз азы.