Арадио

Џьынџьал аӡынра аӡҭаларазы: исгәазырԥхаз сыздырӡом

Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә театр актиор Нур Џьынџьал арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аӡынразы аӡҭалара дшалагаз, насгьы уи есыҽнытәи иԥсҭазаара иахәҭакны ишыҟалаз.
Sputnik
Џьынџьал аӡынра аӡҭаларазы: исгәазырԥхаз сыздырӡом

"Хәбаҟа шықәса ҵуеит аӡыршы закәу сымбеижьҭеи. Аӡӡаахра амш аҽны урыстәылатәи ателехәаԥшра санахәаԥшуа, аҵаа ҭаԥҽны ауаа аӡы ианҭало саргьы убра срыландаз аасгәахәуеит. Аӡынра аҩнаҭаҿы арԥхагақәа аҿаскӡом. Аӡиасқәа сырҭалоит, сҽыскәабоит. Раԥхьаӡа акәны 17 шықәса ракәын исхыҵуаз Тҟәарчал аӡыхьшәашәа саҵагылан аӡын сҽаныскәаба, иара исгәазырԥхазгьы сыздырӡом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьынџьал.

Актиор иҳәеит дааизар, макьана ахәышәтәырҭахь дышнанамгац, еиҭеиҳәеит аӡыхьшәашәа изацу абзиабара иахылҿиааз алафқәа ртәы.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.