Аҵх лашьца зыркаҷҷо: адунеи ақалақьқәа рҿы амза шылашо

Sputnik

Амза - ҳапланета Адгьыл иакзаҵәыку иԥсабаратәу амҩаныза (спутник - аред.) ауп. 1609 шықәсазы Галилео Галилеи ателескоп анаԥиҵа ашьҭахь, ауааҩытәыҩса илшеит раԥхьаӡа акәны ари акосмостә цәаҩа иааигәаны абара. Уи аахижьҭеи Амза зегь реиҳа иҭырҵаахьоу, иара убас ауаҩы зыҟны анеира илшахьоу космостә цәырҵроуп.

Амза шәагаала идууп - 3476 километр аекватор ала, акапан - 7,347×1022 килограмм.

Иара ҭҵаарадыррала иҭырҵаауеижьҭеи уажәшьҭа 2200 шықәса ҵуеит. Ажәытә бырзенцәа уи Адгьыл ишахыкәшози, афазақәеи, ҳапланетаҟынӡа абжьаӡареи иҭҵааны ианҵаны ирыман. Иахьагьы Амза аҩнуҵҟатәи ашьақәгылашьеи аҭоурыхи акосмостә аппаратқәа ишҭырҵаац аҭҵаара иаҿуп.

Аԥсуаа ҳҿы акәзар, жәлар зыхӡыӡаауа, наџьнатә аахыс изымҵаныҳәо, абла ҷыц еиԥш изхәаԥшуа жәҩантә цәырҵрақәа иреиуоуп амза. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит иахьанӡа иааӡаз ажәҩантә цәырҵрақәа рыхьчара иазку аҵасқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 9
Амза амшын ихыҷҷало аҟәатәи ажәҩан арлашоит
2 / 9
Иҭәу амза Рим ақалақь аҟны абаҟа иахалашоит. Жәабран 27 2021 ш.
3 / 9
Амза Париж Еифель ибааш иақәыҷҷоит. Жәабран 27 2021 ш.
4 / 9
Апарк Папаго аҿы атурист ишьҭахь амза цәырҵуеит. Жәабран 25 2021 ш. Феникс ақалақь, ЕАА.
5 / 9
Ирак ацҳа аханы иҩхашалаз амза. Жәабран 27 2021 ш. Басра ақалақь.
6 / 9
Колумбиа, ақалақь Медельина амза аҭәымҭан. Жәабран 25 2021 ш.
7 / 9
Виндзораа рбааш амза аҭәымҭазы иҩхашалеит. Лондон, жәабран 27 2021 ш.
8 / 9
Франкуфурт, Германиа. Амза уахьахәаԥшуа, иамариашаны аҳаирплан ԥырны инеиуеит.
9 / 9
Ҭырқәтәыла, ақыҭа Гьумушлу иахалашоит амза. Жәабран 26 2021 ш.