Аԥсҭазаара иасимволқәоу: амреи амзеи ирыдҳәалоу амифқәа

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСолнечное затмение
Солнечное затмение - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2023
Анапаҵаҩра
Жәлар зыхӡыӡаауа, наџьнатә аахыс изымҵаныҳәо, абла ҷыц еиԥш изхәаԥшуа жәҩантә цәырҵрақәоуп амреи амзеи. Ҳәарада, уи зыхҟьоз амра – ԥсҭаҵаган, ауаа аԥхарра рнаҭон, адгьылқәаарыхра зыҟаломызт иарада. Амза акәзар, уахынла адгьыл иқәыҷҷон, аныҟәаҩцәа амҩа днарбон.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Арҭ ажәҩантә цәырҵрақәа досу дара рфункциақәа нарыгӡон, рыдагь ауаатәыҩса ԥсыхәа рымамызт, убриазы акәхап, еиуеиԥшым аконтинентқәа ирықәынхо ажәларқәа рҿы амреи амзеи ирыдҳәалоу амифқәа ирыхӡыӡаауа изеиқәдырхаз.

Афольклорист Сергеи Зыхәба иҩуан:

Пейзаж в высокогорном селе Псху - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2018
Ҭаниаа рыжәла ахьынтәаауа

"Шамахамзар иуԥыло амифқәа зегьы рҿы амреи амзеи ԥсы зхоу роуп, ауаҩытәыҩса ҟазшьақәа рымоуп. Зны еиҭынхацәоу (аиашьеи аиаҳәшьеи) роуп, даҽа зныхгьы хаҵеи ԥҳәыси, мамзаргьы иеиҿынҵәаауа, аха зынасыԥ ззеидымҵаз арԥызбеи аԥҳәызбеи роуп. Бжеиҳан амра ԥҳәызбоуп, амза арԥысуп. Аԥсуаа ҳҿгьы убасҵәҟьоуп".

Иҳаҩсыз ашәышықәса аҽеиҩшамҭанӡа аԥсуаа шықәсык ахь знык амза ныҳәеи амра ныҳәеи мҩаԥыргон.

Аетнолог Н. С. Џьанашьиа излазгәеиҭоз ала, амреи амзеи ирызку аныҳәара мҩаԥыргон аҭаацәарақәа. Амза ныҳәа амҩаԥгараан амза асахьа змаз акәакәар аанкылан иныҳәоз аҭаацәа реиҳабы иакәын. Амза ныҳәараан аҳәса алахәӡамызт, маҷк инаскьаны игылан, ахацәа рхала ракәын иҟаз избан акәзар, амза анцәахәы дхаҵоуп ҳәа дыԥхьаӡан. Аха амза ныҳәа ашьҭахь амра ныҳәа мҩаԥыргон. Уи азы аныҳәаҩ амра асахьа змаз (игьежьыз) акәакәар ааникылон, аҭаацәара иалахәыз аҳәса зегьы ааиваргыланы иныҳәон.

Ирацәаӡоуп аԥсуаа ҳҟны амреи амзеи ирыдҳәалоу амифқәа, алегендақәа, алакәқәа урҭ зегь авариантқәа рымоуп.

Афина - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.01.2020
"Аҭана илеиԥшу": адырреи аҟәыӷареи рынцәахәы аԥсуа мифологиаҿ

Иуԥыло авариантқәа ируакуп "Амза ашәыта шаиуз" захьӡу алакә. Уи схәыҷра ашықәсқәа раан сабду исзеиҭеиҳәахьаз алакәқәа ируакуп, иахьа уажәраанӡагьы сгәалашәараҿы иаанхеит:

"Ԥҳәысеибак ҩыџьа ахшара дранын. Ԥаки ԥҳаки лыман. Мшызҳа ирызҳауан. Аха иаазқәылаз урҭ ашьыжь иныҵыҵыз хәылбыҽханӡа имаауа иалагеит. Ан ахәыҷқәа ахьцо еилылкаарц дышьҭрақәло дышнеиуаз абар аџьашьахә. Амреи амзеи ахәыҷқәеи шеицыхәмаруаз лбеит. Ари ан даарызгәаан лаԥхьа ишьҭаз ауац аашьҭыхны амреи амзеи иргәыдылҵеит. Амза дыӡӷабын, деилҟьан, иаразнак дҩаҵҟьан лҿы лыӡәӡәеит. Амза дарԥысын, аха азныказы иҟаиҵара дақәымшәеит азы ус исахьаҿ ишәытаны иаанхеит. Убас иахьа уажәраанӡагьы уи ашәыта инхаланы дыҟоуп".

Аха иуԥылоит даҽа гәаанагаракгьы.

А. Н. Грен иҩуан: "Аԥсуаа рҿы амра дыԥҳәысуп ҳәа дыԥхьаӡоуп, насгьы лара леишәацәгьак лоуп, амза лхаҵа иоуп. Ҽнак хаҵеи ԥҳәыси (амреи амзеи) акы ааимаркын, амра напык аазна аҳәынҵәа лыршәын амза иҿалыртатеит. Убриоуп уажәгьы амза иадаабало ашәытарақәа зыхҟьаз". Иахьагьы амреи амзеи рхаҿсахьа ҳаԥсҭазаара иузаҟәымҭхо ишадҳәало агәра удыргоит ачарақәеи акомпаниақәеи рҟны ҿыц еиднагалаз рныҳәаразы рхы иадырхәо ажәақәа: "Амреи амзеи реиԥш шәеигымзааит", "Амреи амзеи реиԥш шәеидажәлааит", "Амреи амзеи реиԥш шәгәыкызааит"…

Амреи амзеи рхаҿсахьа афольклор аҿы адагьы ацқьара, аԥшӡара, абзиабара ирсимволны иалаҵәеит ҳмилаҭтә литературагьы. Апоетцәа ражәеинраалақәа рҿы еиҳарак аҭыԥҳа лсахьа амреи амзеи иадыркылоит. Сажәақәа шьақәдырӷәӷәоит ҵаҟа ажәеинраалақәа рҟнытә цәаҳәақәак:

Лыбла аҭышамшамра

Русалка и инструктор по подводному плаванию Лучиана Фузетти тренируется на островах Тийкуса в Рио-де-Жанейро, Бразилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2018
Ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә: ӡыӡлан лхаҿсахьа амифқәа рҿы

Иаҳагьы иҭыԥхо,

Уи дрыцҳашьан амра

Ицоит илхаԥхо!

(Б. Шьынқәба)

Уа амра игыло бадыскылоит,

Амраҿ – адунеи лашоит,

Сшьаҿа еихызгар – ба бысԥылоит,

Изури, бзиа бызбоит.

(Платон Бебиа)

Амза иахызбалт ба бхаҿсахьа,

Нас саангылеит сымҵысуа,

Ба бшеи–шеиуа бгылоуп саԥхьа,

Быхцәы еиқәара ду шьқьыруа.

(А. Аџьынџьал)

Аԥсуаа ҳҟны амреи амзеи ирхаршаланы ицәырҵыз ахьӡқәагьы маҷым, иаагозар аӡӷабцәа рыхьӡқәа: Амра, Амза, Мрамза, Мрана, Мзана, Мзиана, Мралаша. Ҷкәына хьӡуп – Мран.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0