Арадио

Габелаиа Аԥсны Асовет мчра ашьақәгыларазы: ҳҭоурых аҿы аҵак ду змоу даҟьоуп

Асоветизациа 100-шықәса ахыҵра иазку жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа мҩаԥысуан Аҟәа. Аҵарауаҩ Аслан Габилаиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иажәахә зызкыз, насгьы уи имҩаԥигаз аҭҵааратә усура иаанырԥшыз атәы.
Sputnik
Габелаиа Аԥсны Асовет мчра ашьақәгыларазы: ҳҭоурых аҿы аҵак ду змоу даҟьоуп

"Асовет мчра ашьақәгылара аҵак ду змоу даҟьоуп Аԥсны аҭоурых аҿы. Сажәахә аҿы еиҳарак сызлацәажәоз Аԥсны асовет аамҭазы асоциалтә-економикатә ҟазшьа змаз ахҭысқәа ракәын. Сазааҭгылеит ақыҭанхамҩа аус, ареформақәа иҟаҵаз, ашколқәа аҿиара шроуз, акультуратә ханқәа рыргылара. Иазгәаҭатәуп, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь ҳтәыла аекономика даара аҿиара шаиуз, даара асоциалтә ҭагылазаашьа еиӷьхеит. Уи ҳнарбоит архивтә материалқәа, иара аҵарауаагьы уи ҭырҵаахьеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габелаиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: