Арадио

Џьопуа Гәылрыԥшь афымцалашара ахархәаразы: иаҳзыԥҵәоу арбага ҳахысран ҳаҟам

Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы афымца ахархәара хылаԥшра азызуа аштаб аусура атәы.
Sputnik
Џьопуа Гәылрыԥшь афымцалашара ахархәаразы: иаҳзыԥҵәоу арбага ҳахысран ҳаҟам

"Гәылрыԥшь араион аамҭакала 34 мегаватт афымца ахархәаразы азин амоуп. Уажәы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аусура иалагеит, уи инамаданы афымцалашара ахәархәара иаҳа иацлеит, аха ҳраион иазоужьу арбагақәа ҳархымсӡеит, убри аҟнытә аҭагылазаашьа цәгьам ҳәа ахыуҳәаартә иҟоуп. Ҳара иазыԥҵәоу арбага ҳахысрангьы ҳаҟам. Акаҭрантә зауад аҿы аус зуаз амаинингтә ферма акәзар, уаанӡагьы иаҿаҳхьан, уи аферма еиҳагьы еиҳан, маҷ-маҷ ақәгара иаҿын. Иахьазы уи азауад аҿы акгьы ыҟаӡам. Аштаб еиҿкаауижьҭеи 20 ферма инарзынаԥшуа аҿыхуп. Иҟоуп актәи амш инаркны аԥшәмацәа аилкаара аарԥшны иаҿызхыз, уи ашьҭахьгьы иаҿазымкыз. Иҟоуп еиҭа иаҿазкуагьы, урҭ рфермақәа зынӡагьы иқәыргартә аҟынӡа ҳазнеит, иахьазы быжь-фермак араион аҿы зынӡагьы иқәгоуп", -  еиҭеиҳәеит Џьопуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.