"…Иаҳҳәап, ахныҟәгаразы иахьа ашәҟәыҩҩра шаламшо уи зегьы иаҳбарҭахеит. Арҿиаҩцәагьы иахьа ус еиԥш ахықәкы рҿаԥхьа иқәдыргылаӡом. Ганкахьала уи арҿиара ахаҭабзиара изланыԥшуа ыҟоуп, избанзар ашәҟәыҩҩы дыҩуазароуп имыҩҩыр ада анамуа. Аӡәы аҩра идуҵозар уи даҽа ҟазшьак, даҽа хаҭабзиарак аанахәоит. Иахьатәи арҿиаҩы ихы дақәиҭуп, ирҿиара дақәиҭуп. Иара иӡбоит ианыиҩҩуа, ишыиҩҩуа»,- иҳәеит Габалыиа.
Иара иазгәеиҭеит амассатә ҟазшьа аманы, жәаҩык рҟынтәи 7-8 ҩык шәҟәык иаԥхьароуп ҳәа аҭагылазаашьа шидимкыло рҿиаҩык иаҳасабала.
"Асахьаркыратә ҩымҭа хәҩык ирыдымхаргьы иазҿлымҳаны аԥхьаҩцәа амазар -уи ҩымҭоуп. Иахьа еиуеиԥшым ахархәагақәа уцырхрааны иарбан ҩымҭазаалак убас иурҽхәар, иӡыругар ҟалоит Аԥсны аҩныҵаҟа акәым, анҭыҵгьы. Еиуеиԥшым абызшәақәа рахь еиҭаганы, акритикцәа, мамзаргьы иахцәажәо адгаланы иахәҭоу ажәақәа ахырҳәаартә аҭагылазаашьа аԥуҵар ҟалоит. Уи еилызкаауа, иззеилымкаауа ахаҭабзиара еицҿакны еимдо иаԥхьалар рылшоит, аха уи аҩымҭа аҩаӡара шԥаҟоу? Аԥхьаҩцәа рацәаны измоу аҩымҭа ахаҭабзиара еснагь иҳаракуп сызҳәом",- ҳәа азгәеиҭеит Габалыиа.
Шәазыӡырҩы аудио.