Арадио

Кәыҵниа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы: аҿар иаҳа иазҿлымҳауп

Тҟәарчал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Кәыҵниа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рҽазыҟаҵара шцо.
Sputnik
Кәыҵниа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы: аҿар иаҳа иазҿлымҳауп

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 11 рзы. Хәажәкыра ҩба рзы акандидатцәа рҭаҩра иалагеит.

"Иахьазы араион аҟны ишьақәыргылоуп араионтә алхырҭатә комиссиа. Иалхуп уи ахантәаҩи амаӡаныҟәгаҩи, алхырҭақәа рсиақәагьы ҟаҵаны иҳамоуп. Ҳаԥхьаҟа алхырҭатә ҭыԥқәа ркомиссиақәа аԥҵатәхоит, зынӡа ус еиԥш алхырҭатә ҭыԥқәа 15 ыҟоуп, иалырхуа адепутатцәагьы 15- ҩык ҟалоит. Шаҟаҩы ркандидатура ықәдыргыло макьана иҳаздырӡом. Алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иахьазы ииашацәҟьаны ишьақәыргылам макьана, аҭҵаара ҳаҿуп. Егьырҭ алхрақәа раан ишыҟаз еиԥш хә-нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит ҳәа ауп ишаҳдыруа. Макьана акандидатцәа рахьынтәи аӡәгьы дҳадымҵаалацт. Излаҳаҳауа ала рҽазыҟарҵоит аԥшьгаратә гәыԥқәа, абыжьқәа реизгара иаҿуп",- иҳәеит Кәыҵниа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: