АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. ЕАА аҵарауаа ишьақәдыргылеит акоронавирустә инфекциа еиҳа изыхьуа ршьа агәыԥ. Аҭҵаарақәа рылкаақәа агематологиаз Америкатәи аилазаара ажурнал Blood Advances аҿы.
Аҵарауаа ишьақәдыргылеит ашьа аҩбатәи агәыԥ злоу ауаа еиҳа имарианы ачымазара шырхырго.
Бостонтәи ахәышәтәырҭа Brigham and Women's аҵарауаагьы имҩаԥыргеит аҭҵаарақәа COVID-19 еиуеиԥшым ашьа гәыԥқәа реритроцитқәа ишырныруа.
Дара иаадырԥшит адомен RBD арецептор-еимадага. Авирус ахӡытә комплекс RBD ахы ианархәоит ахыц-аԥшәымацәа аҽрыдырҷабларазы. Уи аидҳәалара амч иахҟьоит ауаҩы ишьҭикаауа ачымазара аԥсыҽра.
Аҵарауаа ирбеит RBD еиҳа ишырныруа II агәыԥ иаҵанакуа рхыцқәа, убри аан урҭ реритроцитқәеи егьырҭ ашьа гәыԥқәа реритроцитқәеи ирныруам.
Ареспиратортә хыцқәа – аепителиа иахыцқәоуп, дара нарыԥҳатә альвеолқәа рҭыӡқәа иркыдуп.
Аҵарауаа раарԥшрақәа иҟарҵоит алшара бзиа ахәшә ҿыцқәеи азыԥхьагәаҭаратә методқәеи раԥҵаразы.
Убри аан дара ирҳәоит рылкаақәа инагӡаӡаны ишрылымшо COVID-19 ахымҩаԥгашьа азыԥхьагәаҭара еиуеиԥшым ашьа-гәыԥқәа змоу апациентцәа рҟны. Избанзар ачымазара ахьанҭара зыхҟьо аҭагылазаашьақәа акыр ирацәоуп.